Apple ф-миллион цыра iPhone "ацәыӡыр" ҟалоит

Аналитикцәа ишырҳәо ала, мчыбжьыктәи iPhone аҭыжьра аиԥҟьара Apple миллиард доллар иазтәоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Apple ф-миллион цыра iPhone "ацәыӡыр" ҟалоит iPhone Foxconn ҭзыжьуа китаитәи анаплакы аҿы аилаҩеиласрақәа ирхырҟьаны ҳәа аҩуеит Bloomberg.

АИХқәа ишырыҩуа ала, азауад шәҩыла аусуҩцәа аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа ирхырҟьаны аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргеит. Убри аан ауаа афатәи ахәшәқәеи ирызхаша рымам.

Анаплакы аусзуҩцәа ҿыцқәа ирышьҭоуп, рџьа сааҭлатәи ахәԥсашәара шьҭнахуеит.
Аҭагылазаашьа ҭышәыдмыртәалар, 2022 шықәсазы iPhone рҭыжьра акыр илаҟәуеит.
Apple, Foxconn ақәгәыӷуеит агаджетқәа рҭыжьра адефицит ҽааны ихарҭәаахар алшап ҳәа.