Гәылрыԥшь араион аҿы 5 гектарк иҟоу афеихоааӡарҭа рымоуп. Ҽаҩраҭагалан ара аус руеит 15-20-ҩык рҟынӡа ауаа. Дара зегьы аҭыԥантәиқәоуп. Ҽнак ала аӡәы 400 кьыла рҟынӡа афеихоа иҭаауеит. Сынтәа аарҩаран азы аҽаҩра абжьааԥны аасҭа еиҵоуп, аха иагьа ус иҟазаргьы, ицәгьамкәа иҟалеит, уи аазхәар зҭаху рацәаҩны иадҵаалоит.