Аԥсны

Аԥсны аенергетика апроблемақәа ирзааҭгылан ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҟны

Иахьазы иҟоу алашара ахархәара ахышәаҵышәала иззеиқәшаҳаҭу урыстәылантәи алашара иҳауа ашықәс анҵәамҭанӡа иазхаӡом.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Аԥсны аенергетика апроблемақәа ирзааҭгылан атәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәа алархәны ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҟны ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган иҟалҵаз адыррала Урыстәылантә Аԥсныҟа иаарышьҭуа афымцалашара 280 миллион кВт⋅с. иҟоуп. Озган илҳәеит ари ахышәаҵышәа шазымхо, еиԥымҟьарада ареспублика лашарала аиқәыршәаразы ишаҭаху 340 миллион кВт⋅с.
"Иахьазы уахыки-ҽнаки рыла ҳхы иаҳархәоит 8,7 миллион кВт⋅с, 6,6 миллионк рҟынӡа - урыстәылатәи алашароуп, 2 миллионк ЕгрыГЕС аҟынтә иҳауеит. Астанциа анапхгареи ҳареи аилацәажәарақәа мҩаԥаагоит ЕгрыГЕС иоунажьуа афымцалашара ацҵара ауоу иамуоу аилкааразы. Ари амчыбжь аҩнуҵҟа ҳаззеиқәшаҳаҭу аихшеинҵа шьақәҳаргылоит, алашара арцәара ҳацәхьаҵыр ауоу иамуоу ашьақәыргыларазы", - лҳәеит Озган.
Иара убасгьы лара илҳәеит аԥснытәи аенергетикцәеи анҭыҵтәи аенергетикцәеи "Аҽгәара" аремонт ишалагаз. Озган лажәақәа рыла, аремонт ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа ихыркәшахоит.
Аԥсны
Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуа иалагеит