ЕАСи БРИКСи ртәылақәа рзы зегь зҵазкуа аԥарашәаратә система аԥҵазарц азгәаҭоуп

Азеиԥш финанстә џьармыкьа иалнаршоит Евразиатәи аекономикатә еидгыла (ЕАЕС) атәыла-лахәылацәа рыбжьара ахәаахәҭреи аԥаратә еикәыршареи рырмариара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Евразиатәи аекономикатә комиссиа ықәгылоит Евразиатәи аекономикатә еидгылеи (ЕАЕС) БРИКСи ртәылақәа рзы зегь зҵазкуа аԥарашәаратә система аԥҵазарц. Жәларбжьаратәи аусутә форум БРИКС+ аартра аламҭалаз апроект рыдигалеит ЕЕК Аколлегиа ахантәаҩы Владимир Ковалиов.

Асистема иазгәанаҭоит Китаи (Union Pay), Индиа (RuPay), Бразилиа (Elo), ЕАЕС атәылақәа ("Мир", "Белкарт") рԥарашәаратә системаз иаку азеиԥш ԥарашәаратә х-саалагақәа раԥҵара.

"ЕАЕС аҿы имҩаԥысуеит азеиԥш финанстә џьармыкьа аԥҵара, уи акыр хра аманы иҟоуп", - иҳәеит Ковалиов.
2025 шықәсазы ЕАЕС аҿы иазгәаҭоуп акапитал ахы иақәиҭны аиҭаҵразы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи афинанстә маҵзурақәа рыҟаҵаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи.