Арадио

Шамԥҳа адиабет лагер азы: ауаа рчымазара атәы иаартны иахьырҳәо гәахәароуп

Ашьақар чымазара аҭҵаареи уи иацу адыррақәа реизырҳареи ирызкуп адиалагер. Арҭ амшқәа рзы Пицунда имҩаԥысуаз ари алагер еиднакылаз, ашьақар чмазара ҳтәылаҟны иамоу актуалра далацәажәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны адиабеттә еилазаара" ахантәаҩы Алиса Шамԥҳа.
Sputnik
Сынтәа ҩынтәуп ахәыҷтәы диабеттә лагер мҩаԥыргоижьҭеи Аԥсны. Уи хықәкыс иамоуп ачымазара змоу ахәыҷқәеи рҭаацәеи ҭыԥк аҟны еизганы аԥышәа рымадара, ирзымдыруа акы рзеиҭаҳәара ҳәа азгәалҭеит Шамԥҳа.
"Сынтәа 15-ҩык ахәыҷқәа адҳаԥхьалеит. Ҵыԥхтәи алагер аҟны анацәа ракәызҭгьы иҟаз, сынтәатәи абацәагьы адҳаԥхьалеит. Уи шьаҿа дууп ҳара ҳзы. Ахәыҷы игәабзиара еиҳарак ан лхахьы илгозаргьы, ҳара иаҳҭахуп абацәагьы ари аус иаҳа рҽаладырхәырц. Ааԥхьара раҳҭеит Урыстәылантәи аспециалистцәа", - лҳәеит Шамԥҳа.
Лара иазгәалҭеит гәахәараны дшахәаԥшуа ашьақар чымазара змоу ахәыҷқәеи рҭаацәеи уи иаартны иалацәажәо иахьалагаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.