АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа аԥсеи аԥсаӡи рыхҵәара азин аанкылоуп, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи адац змам аԥса аагара ҟалом.
Аԥсны абнанхамҩа аҳәынҭқарратә Усбарҭа, Аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы Аҳәынҭеилакы, Аԥсны ААР Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны ахылаԥшра рнапы ианҵоуп хаԥышәала иаку аҳәынҭқарра-бнатә фонд, апаркқәа, абаҳчамаҷқәа рҿы аҵлақәа рыԥҟареи закәаншьаҭада рыҭиреи алмыршара.
Азинеилагаҩцәа рганахьала, Аԥсны азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа рыдкылахоит. Ақәҵара Аҟәеи ареспублика араионқәа рхадарақәеи ирабжьнагоит аныҳәақәа разгәаҭаразы иԥсабаратәым аԥсаӡқәа ахархәара рырҭарц.