АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аҳәынҭдума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов диԥылеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иусбарҭа.
Асас бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, Бжьаниа инаҵишьны иҳәеит аԥсуа-аурыс усеицура аҵак ду шамоу, еиҳаракгьы апарламентбжьаратә еимадарақәа.
"Ҳара гәахәара дула ҳашьклаԥшуан ҳделегациа Москва ианыҟаз, иаҳдыруеит шаҟа асасдкылара аашәырԥшыз, шаҟа аԥхара аҵаҵан шәырԥылаз. Ҽакала иҟалар ауазма, иҳабжьоу аиашьаратәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа урызхәыцуазар. Даара сгәы иахәоит Шәара Аԥсны шәахьаҳҭааз", - иҳәеит ахада.
Неверов иакәзар, Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ааԥхьаразы, иагьазгәеиҭеит урыстәылатәи адепутатцәа наҟ-наҟгьы аԥснытәи рколлегацәеи дареи русеицура ишацырҵо, аҩҳәынҭқаррак ирыбжьоу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара иазырхоу азҵаарақәа аус шрыдырулало.