АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрреи, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Агәабзиарахьчара аминистрреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика асоциалтә хьчареи аџьеи рминистрреи рыбжьара агәабзиарахьчареи, асоциалтә ҿиареи, асоциалтә хьчареи русхк аҟны аусеицураз Амеморандум рнапы аҵарҩуеит.
Амеморандум иахықәкуп ареспубликақәа рыҩба ртәылауаа ргәабзиарахьчареи рсоциалтә еиқәыршәареи рызҵаарақәа рҿы аусеицураз аҭагылазаашьақәеи амеханизмқәеи раԥҵара.
Амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа иазԥхьагәарҭоит аҭҵаарадырра-техникатә дыррақәа, анорматив-зинтә актқәа рзы аинформациа реимдара, асеминарқәеи аконференциақәеи реицымҩаԥгара, асоциалтә ҿиареи асоциалтә хьчареи рзы апрограммақәа раларҵәара, акадрқәа разыҟаҵара, атәылауаа рыхәышәтәра аиҿкаара, апротез-ортопедиатә цхыраара аҟаҵара.