Иахьа абҵара 30 асааҭ 18 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥгахоит "Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа" аихшьаалатә концерт. Уи еиҿнакаауеит Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рҟазара ареспубликатә центр. Уи анапхгаҩы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит збаҩхатәра аарԥшра зылшо, амузыка иазҟазоу аҿарацәа сынтәатәи рылшарақәа зеиԥшроу атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.