Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҿы атерминал ҿыц аадыртуеит

Атерминал ҿыц аргылараз аинвестициақәа 20 миллиард мааҭ иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҿы атерминал ҿыц аадыртуеит 2026 шықәсазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агәыԥ "Аэродинамика" авиациа-коммерциатә еиҿкаара адиректор Александр Никонов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"2023 шықәсазы аҟазаратә-план хыркәшаны аинфраструктура ҿыц апроектҟаҵарахь ҳаиасуеит. Аобиект ҿыц ахархәарахь рыҭара азыԥхьагәаҭоуп 2026 шықәсазы", — иҳәеит Никонов.
Атерминал ҿыц аргылараз аинвестициақәа 20 миллиард мааҭ иҟоуп, урҭ рҟынтәи 15 атерминали авокзал ашҭеи ирзырхахоит.
Шәачатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза апассаџьырцәа рымҩангаразы Урыстәыла абаӷәаза дуқәа хәба ирыҵанакуеит. Уажәы, аладатәи аҳаиртә баӷәазақәа русура аныԥку иара транзит хабны иҟоуп. Абаӷәаза ареконструциа азун 2007-2013 шықәсқәа рзы. Иахьазы иара аҵакыра 65 000 метр ԥшьыркца иҟоуп. 2021 шықәсазы ара имҩанган 11 миллионҩык апассаџьырцәа.
Росавиациа Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит