Аԥсны

Аԥсны Апарламенти Урыстәыла Аҳәынҭдумеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩит

Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысит Виачеслав Володини Лаша Ашәбеи реиԥылара, иара убас аиԥылара иалахәын Аԥсны апарламент адепутатцәа зегьи Урыстәыла Аҳәынҭдума аделегациеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизареи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володини Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин Аԥсны официалла даҭааит ԥхынҷкәынмза акы азы. Володин дызҭатәаз авертолиот Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит.