Аԥсны

Аԥсны автошколақәа рыҟны амашьына аныҟәцаҩцәа разыҟаҵара аҭахрақәа дырӷәӷәоит

Аминистрцәа реилазаара ақәҵара апроект иазыԥхьагәанаҭоит азин ҷыда зҭаху аҭахра-цҵақәа, арҵаратә маҵзурақәа рхаҭабзиара аганахь ала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абҵара 30 рзтәи аилатәараҿы Аминистрцәа реилазаара аԥсахрақәа аланагалеит "Иҳәынҭқарратәым арҵаратә усура азин ҷыда аҭаразы" ақәҵара.
Аԥсны Аҩнҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иажәақәа рыла ақәҵара хықәкыс иамоуп ԥхьаҟа имашьынаныҟәцаҩцәахо разыҟаҵара ахаҭабзиара аҳаракра.
"Иахьатәи аамҭазы автошколқәа рҿы арныҟәцаҩцәа рыпрактикатә зыҟаҵара мҩаԥысуеит иазырхиам аҭыԥқәа рҿы. Ари азыҟаҵара ахаҭабзиара ланарҟәуеит, аҵара иахысуеи атәымуаааи рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭанаргылоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Быҭәба убасгьы иазгәеиҭеит атәылаҿ аекономикатә ҭагылазаашьа ишалнаршо автошколқәа арҵаратә автодромқәа рымазаарц.
"Апроект иазыԥхьагәанаҭоит аамҭақәак рыла амчра аиура. Убри аан иахьазы имҩаԥысуеит ауснагӡатәқәа атранспорт хархәагақәа рыԥсҟы зкраны иҟоу разырхиаразы арҵаратә автодром аусуразы" - ҳәа иҳәеит аминистр.
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа уахи-ҽни режим ӷәӷәала аусура иалагеит
Аминистрцәа реилазаара ақәҵара апроект иазыԥхьагәанаҭоит азин ҷыда зҭаху аҭахра-цҵақәа, арҵаратә маҵзурақәа рхаҭабзиара аганахь ала. Адокумент инақәыршәаны аԥышәарақәа рахь инашьҭу автошколқәа рҵаҩцәа рҟынтәи 60% апрофильтә ԥышәарақәа рҭилароуп.
Аминистрцәа реилазаара иара убасгьы аԥсахра аланагалеит "Аҟазаратә ԥышәарақәа раҭареи арныҟәцараз аршаҳаҭгақәа рыҭареи рыԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәараз" ақәҵара.