Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Џьыкырԥҳа апоет Саида Делԥҳа илызкны

Sputnik
Апоет Саида Делԥҳа лыжәлар дрылагыламиижьҭеи 30 шықәса ҵит. 1992 шықәса абҵара анҵәамҭазы Маркәыла ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҟны дызгаша ахәра лоуит. Лыдунеи лыԥсахит абҵара 30 рзы. Саида Делԥҳа данҭаха ашьҭахь Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи Леон иордени ланаршьеит. Иахьа апоет дыргәаладыршәарц Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҟны имҩаԥыргоит ахәылԥаз, убасгьы иаартхоит ацәыргақәҵа. Амузеи афондқәа реиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳаи апоет Саида Делԥҳаи еибадыруан, еиҩызцәан. Арадио Sputnik аефир аҟны Гәыгәыца Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит иахьатәи ахәылԥаз шеиҿкаахо атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.