Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Луганск 80-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа ҭархоуп

Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 334 ҳаирыплан, 177 верталиот, 42 592 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 391 зенит-ракетатә комплекс, 6930 танки акәылӡымашьынеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҿы урыстәылатәи ар уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит 80-ҩык рҟынӡа Украина аруаа, иԥхьарцеит ижәылоз аӷа ир ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчаратә аминистрра.

"Купиансктәи ахырхарҭаҿы Урыстәылатәи авиациа, артиллериа ЛЖәР аиланхарҭа Куземовка аганахь ижәылоз УАМ ар ртактикатә гәыԥ ирыжәлан иԥхьарцеит. Иҭархоуп 60-ҩык рҟынӡа аруаа, атанкқәа фба, акәылӡмашьынақәа хәба", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ ар ржәылара аԥырҟәҟәаауп ЛЖәР аиланхарҭа Стельмаховка ааигәара. Артиллериеи авиациеи рхархәарала шьҭахьҟа иԥхьацоуп ЛЖәР аиланхарҭа Червонопоповка ижәылоз аӷа ир.
"Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 20-ҩык рҟынӡа аруаа, танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ԥшьба", - ҳәа рҳәеит аминистрраҟны.
Урыстәылатәи артиллеристцәа иҭадырхеит РСЗО HIMARS, РЛС - ҩба, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа.
Донецктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа Вольное Полеи Запорожтәи аобласт аиланхарҭа Орехови рҿы иҭархоуп УАМ аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа хԥа.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 334 ҳаирыплан, 177 верталиот, 42 592 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 391 зенит-ракетатә комплекс, 6930 танки акәылӡымашьынеи, 905 реактивтә система, 3642 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 7431 ак автомобилтә техника.