Аԥсны

Володини Ашәбеи реиԥылара аихшьаала ҟарҵеит

Аԥсны Жәлар Реизареи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵариҩит Виачеслав Володини Лаша Ашәбеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володини Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи реиԥылара аихшьаала ҟарҵеит.
"Ари аиқәшаҳаҭра иаднаԥхьалоит ҳаизыҟазаашьақәа рсистемаркреи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аинтенсификациа азуреи. Агәра ганы сыҟоуп ҳнапы зҵаҳаҩыз иахьатәи аиқәшаҳаҭра ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ишрыцхыраагӡахо", - ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба абрифинг аҟны аиԥылара аихшьаала ҟаҵо.
Аԥсны
Аԥсны Апарламенти Урыстәыла Аҳәынҭдумеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩит
Виачеслав Володин иҳәеит Аҳәынҭдумеи Жәлар Реизареи русзеицура иҿыцу аформат ахь ицәырҵит ҳәа.
Иазгәеиҭеит апарламент шәага-загатә ҳәаақәа ирҭагӡаны иӡбатәу азҵаарақәа рзын ишаԥҵоу аусутә комиссиа.
"Еибаҳхәеит даҽа мызқәак рышьҭахь аилатәара амҩаԥгара. Амшхәаԥштә еицышьықәҳаргылоит. Уи Аԥсны ауааԥсыра реиԥш Урыстәыла ауааԥсырагь ргәы иҵхо, ауадаҩрақәа змоу азҵаарақәа ракәхоит. Аиҩызара злаҿио агәреибагаралоуп, агәреибагара еицәажәарада иузышьақәыргылаӡом", - ҳәа иҳәеит Володин.
Володин аԥсуа депутатцәа неиԥхьеит Аҳәынҭдумаҿ афракциатә зҵаарақәа ирызкны имҩаԥгахо аконференциахь. Иара убасгьы иҳәеит гәахәарыла ишидикыло даҽазныкгьы Аԥсныҟа иааԥхьара.
Аҳәынҭдума аделегациеи Жәлар Реизара адепутатцәеи реиԥылара мҩаԥысит иарку аформат ала.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Виачеслав Володин диԥылеит