АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Аԥсни Никарагуеи акультура аусхк аҟны 2023 шықәсазы реинырра ауснагӡатә азԥхьагәарҭеит.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба диԥылеит Никарагуатәи иколлега, Рубен Дарио ихьӡ зху атеатр адиректор, амилаҭтә синематека адиректор, акреативтә економика аинститут адиректор Луис Алонсо Моралес.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 3, 2008 шықәсазы. Шықәсык ашьҭахь атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.