АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Раԥхьатәи аԥсуа комедиатә сериал "Ихьыԥшым" аҭыхра хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит авидеосервис START асаит.
"Ҳаамҭазтәи адунеи ицәырнагоит ахатә зԥҵәақәеи аԥҟаррақәеи, уаанӡа ауаҩы ҵаҵӷәыс ииԥхьаӡоз ықәнаӡәӡәаауеит. Асериал афырхаҵа хада иабацәа рабацәа доуҳаны иршьоз аиқәырхара дазықәԥоит. Асистема дуӡӡа даҿагылоит. Сгәы иаанагоит "Ихьыԥшым" адунеи зегь иазгәамҭо, аха иаабац абжьаратә арԥыс изы акрызҵазкуа, зеиқәырхара дазықәԥо, иаҭаххар ихы зқәиҵо ҳаргьы ҳаднаԥхьалап, ҳархәыцып ҳәа" - иҳәоит арежиссиор Ҭеимураз Кәакәасқьыр.
70% аҭыхратә гәыԥ Аԥсны ауааԥсыра роуп, Урыстәылантә аҭыхрақәа ирыдыԥхьалан агримиорцәа, алашарази абжьази арежиссиорцәа, апиротехникцәа.