Аԥсны

Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аҳәынҭдума аилак ахантәаҩы Аԥсныҟа даараны дыҟоуп

Аԥсуа ар аиҭарҿыцра азҵаара иалацәажәеит Аԥсны Апарламент адепутатцәа Аҳәынҭдума ахантәаҩы Виачеслав Володин иԥылараан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аҳәынҭдума аилак ахантәаҩы Андреи Картополов Аԥсныҟа даараны дыҟоуп иааиуа амчыбжь азы. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит адепутат Левон Галустан.
Аԥсны
Володини Ашәбеи реиԥылара аихшьаала ҟарҵеит
Адепутат еиҭеиҳәеит ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз аиԥылараҟны ишьҭыхыз зҵаарақәак.
Аиԥылараҿы иӡбан Картополов Аԥсныҟа иаара, еиҳа инарҭбааны аԥсуа ар аиҭарҿыцра азҵаара инарҭбааны алацәажәаразы.
"Аԥсны Арбџьармчқәа техникала реиқәыршәаразы аԥсуа-аурыс еиқәышаҳаҭра анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы иааиуа амчыбжь азы Аҟәа рылацәажәара мҩаԥгахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Галустиан.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин раԥхьаӡа акәны официалла Аԥсны даҭааит ԥхынҷкәын 1 азы.
Аҟәа имҩаԥысит Виачеслав Володини Лаша Ашәбеи Жәлар Реизара адепутатцәеи реиԥылара. Аиԥылара цон иарку аформат ала сааҭқәак.
Аԥсны Жәлар Реизареи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵариҩит Виачеслав Володини Лаша Ашәбеи.