Аԥсны

Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 16 рзы Апрокуратура хада анапы ианиҵеит аҳауатә цәаҳәа "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгараан аимҵәарақәа ыҟазу иҟамзу ҭырҵаарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Апрокуратура хада анапы ианиҵаз– аҳауатә цәаҳәа "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгараана аимҵәарақәа ыҟазу иҟамзу аилкаара аҿҳәарақәа ирнахатәуп ҳәа иҳәеит аилацәажәараҟны Апрокурор хада Адгур Агрба.
Иара иазгәеиҭеит, абҵара 16 раахыс аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иалахәыз аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа зегьы ишразҵааз.
"Уажәазы иахәҭаны иҟоу азыҳәақәа ҟаҵоуп, изыхәҭоу аусбарҭақәа рахь аекспертиза нашьҭуп. Агәаҭара амҩаԥгара ахьыуадаҩуи иҭҵаатәу ахьырацәоуи инамаданы иҵекгьы аамҭа рацәа аҭахуп, аха ҿҳәарак ҳзалхуам", - ҳәа иҳәеит иара.
Агрба иҳәеит Апрокуратура хадахьы ишнаԥхьаз Аԥсны аекономика аминистрреи Урыстәыла аенергетика аминистрреи ззеиқәшаҳаҭхаз ахархәагақәеи аматериалқәеи реиқәыԥхьаӡа цәырзгаз Адгәыр Арӡынбеи Гарри Кокаиеи.
"Арҭ адокументқәа рыда апрокуратурахь уаҳа акгьы нагамызт", - иҳәеит Агрба.
Аслан Бжьаниа ари аус иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра аҭареи алҵшәақәа рзы адырра ирҭаларци анапынҵа ҟаиҵеит.