Аԥсны

Москва имҩаԥгахоит Аԥсни Урыстәылеи Реиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара

Аминистрцәа реилазаара аҟны имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аԥсуа ган алахәылацәа русутә еилацәажәара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара мҩаԥгахоит Москва ԥхынҷкәын 6 рзы.

Акомиссиа алахәылацәа аҩганк злацәажәаран иҟоу адокументқәа рыпроект иақәшаҳаҭхеит.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб аԥсуа делегациа напхгара аиҭоит.
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит аделегациа алахәылацәа Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара аҟны иқәгылоу азҵаарақәа ишахәҭоу еиԥш иҭырҵаарц.