АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Аԥшшәхәқәа ринститут Pantone ирыланаҳәеит 2023 шықәсазтәи аԥшшәхәы хада – уи Pantone 18-1750 Viva Magenta, еиқәароу аҟаԥшь ԥшшәуп, иӷәӷәоуп, агәазыҳәара узҭо ԥшшәуп ҳәа азгәарҭуеит аиҿкааҩцәа.
"Pantone 18-1750 Viva Magenta аҟаԥшь ԥшшәахәқәа иреиуоуп (ашәыга ҟаԥшь кармин аиуразы рхы иадырхәо амаҵа кошенили аԥшшәы), адунеи аҿы еиҳа иӷәӷәоу, ишашоу шәыгоуп ҳәа ишьоуп", - ҳәа азгәаҭоуп аиҿкаара асаит аҿы анагӡаратә директор Леатрис Еиземан лажәақәа ааганы.
Аинститут иазгәанаҭеит 2023-тәи ашықәс аԥшшәхәы ӷәӷәоуп, агәазыҳәара унаҭоит, ишашоуп ҳәа. Ашықәс аԥшшәхәы алхраан аҟазауаа иҭырҵаауеит акино аиндустриа, аҟазаратә рҿиамҭақәа, амода, адизаин уҳәа рхырхарҭақәа.