Приморие аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа раан МиГ-31 каҳаит

Мрагыларатәи арратә округ адыррала аҳаирплан уаҩ дахьыҟамыз аҭыԥ аҿы икаҳаит, адгьыл аҿы ԥырхага ҟанамҵеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Приморие аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа раан аҳаирплан МиГ-31 каҳаит, аекипаж акабина аанрыжьит, адгьыл аҿы ԥырхага ҟанамҵеит ҳәа аанацҳауеит Мрагыларатәи арратә округ апресс-маҵзура.
"Ԥхынҷкәын ҩба рзы Приморсктәи атәылаҿацә аҿы аҵара-ҽазыҟаҵаратә ԥырраан аҳаирплан МиГ-31 каҳаит, аекипаж акабина аанрыжьит, адгьыл аҿы ԥырхага ҟанамҵеит. Аҭыԥ ахь инеит аԥшаара-еиқәырхаратә маҵзура авертолиотқәа Ми-8", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Заанаҵтәи аинформациала аҳаирплан акаҳара мзызны иаиузар ҟалоит атехникатә ҭагылазаашьа.