Аԥсуа бызшәа ахәыҷқәа дырҵараҟны ихадароуп аԥсышәала рацәажәара анаҩсгьы, изхәаԥшуа, ирбо-ираҳауа аԥсуа бызшәала рызнагара. Хышықәса раԥхьа ари азҵаараҟны алагала бзиа ҟалҵарц азылӡбеит ахәмаргақәа рыдәқьан аԥшәма Сабина Кьетиаԥҳа. Лара аԥсышәала ицәажәо, ашәа зҳәо ахәмаргақәа еиқәлыршәеит. Уажәшьҭа аинтерактивтә цхыраагӡақәагьы рыцылҵеит, аудиошәҟәқәа. Аҳәыҷқәа рбызшәа дзырҵаша акьанџьақәеи, ахәмаргақәеи, абжьы зхоу ашәҟәқәеи раахәаразы аҭагылазаашьа ыҟоуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.