Арадио

Кәыҵниа "Абраскьыл ифырхаҵара" азы: макьана алшара ыҟаӡам уи ацҵаразы

Амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" аԥҵаҩы Асҭамыр Кәыҵниа еиҭеиҳәеит уи англыз бызшәахьы аиҭагара шыҟалаз, иацыз ауадаҩрақәа ртәы, алҵшәа дахьынӡазгәыдууи, иаԥхьаҟатәи игәҭакқәеи ртәы.
Sputnik
Аԥсуа лакәқәа рышьаҭала иаԥҵоу амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" 2020 шықәсазы иҭыҵит. Уажәшьҭа уи англыз бызшәахьы еиҭагоуп.
Амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" аиҭагара иалахәын Адунеизегьтәи аԥсуа – абаза конгресс аусзуҩцәа, англыз бызшәа аспециалистцәа, Асҭамыр Кәыҵниа. Адублиаж ҭарҩит амузыкант Анри Гәымба истудиаҿы. Афырхаҵа хада – Абраскьыл ибжьы ихеиҵеит Каили Синг.
"Амультфильм ахаҭа ҩышықәса сцәагеит. Минуҭк мызкы еиҵамкәа уагоит амультфильм аҟаҵара. Раԥхьатәи сыпроект акәын, 17 минуҭ иҟоуп. Амультфильм аԥҵара аус инарҵауланы исыздыруамызт, иснарҵаз рацәоуп", - иҳәеит Кәыҵниа.
Асҭамыр Кәыҵниа иазгәеиҭеит ари амультфильм аԥхьаҟа иациҵар шиҭаху, аха уи азы алшара шыҟам.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.