Аԥсны

Аихамҩатә аангыларҭа "Тамшь" аҟны арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргеит

Аангыларҭа "Тамшь" ргылан 1949 шықәсазы, ахыбра дыргылон анемец тҟәацәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4– Sputnik. Аихамҩатә аангыларҭа "Тамшь" аҟны ахыбреи афымцатә цәаҳәақәеи ԥсахуп, апенџьырқәеи ашәқәеи ҿаҵоуп. Абри атәы аҳәоит Аԥсуа телехәаԥшра анҵамҭаҟны.
Арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуан ҩымз раахыс, уи азы адҵа ҟаиҵеит "Аԥснеихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа.
Аангыларҭаҟны аихамҩатә цәаҳәа ҿыц аус ауеит, даҽа акы еиҭашьақәдыргылоит. Зынӡа х-еихамҩа цәаҳәа ҟалоит.
Игәыгәҭажьым акҿаршә: "Тамшь" аангыларҭеи уи ахылаԥшҩи
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашықәсқәа рзы авокзал ааха ӷәӷәа аиуит. 1994 шықәсазы усурҭада инхаз аҭыԥантәи анхаҩы Гиви Занҭариа ахыбра нап адикылеит. Имчқәа рыла аангыларҭа аҵакыра ирыцқьеит, аҭыӡқәа ишәит, ашҭаҟны ашәҭқәа еиҭеиҳаит.