Аԥсны

Апрокуратура хада 2020-22 шықәсқәа рзы ирыҭаз аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рзакәанра гәарымҭеит

Жьҭаарамза алагамҭазы "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" Аԥсны апрокуратура хадахьы азыҳәа нанашьҭит 2020-2022 шықәсқәа рзы ирыҭаз 6693 аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рзакәанра ҭырҵаарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4– Sputnik. Аԥсны апрокуратура хада 2020-2022 шықәсқәа рзы ирыҭаз 6693 аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рзакәанра гәарымҭеит, "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" иҟанаҵаз азыҳәа инақәыршәаны.
Апрокуратура хада аҳәамҭаҿы ишаҳәо ала, АЖәР инанашьҭаз ашәҟәқәа рҟны иарбан аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа зауз ранкетатә дыррақәа, урҭ рҟынтәи:
аурысцәа-1526-ҩык
ақырҭцәа-1102-ы
аерманцәа-3061-ы
егьырҭ амилаҭқәа-1004-ҩык.
Азыҳәаҟны иарбамызт азакәан еилазгоз адыррақәа, уи аҟнытә апрокуратура хада аҭҵааразы аҿыҵга рымамызт.
Иазгәаҭоуп, ари азҵаара ишазхьаԥшо апрокуратура планла иазыԥҵәоу агәаҭарақәа раан.
Азыҳәа аазышьҭыз жьҭаара 21 азы адырра иҭан, иара ари аӡбамҭа азашшра азин имоуп еиҳау апрокуратуреи ма аӡбарҭеи рҟны.