Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи Иреиҳаӡоу аӡбарҭақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵар алшоит

Урыстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Виачеслав Лебедеви Урыстәыла Аӡбаҩцәа рхеилак аиҳабы Виктор Момотови рааԥхьарала Урыстәылазегьтәи аӡбаҩцәа реизара далахәын Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4– Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи Иреиҳаӡоу аӡбарҭақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵаразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳаи урыстәылатәи лколлега Виачеслав Лебедеви.
Аиԥылара мҩаԥысит Х Урыстәылазегьтәи аӡбаҩцәа реизараҟны Москва.

Аиԥылараҟны иазааҭгылеит аматериал-техникатә база аиҿкаареи азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа русеицура аиқәыршәареи.

Саида Быҭәԥҳа Урыстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аделегациа ааԥхьара рылҭеит лаҵара 2023 шықәсазы, Аҟәа имҩаԥгахо Аԥсны азеиԥш аиурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа еиҿкаауижьҭеи 100 шықәса аҵра аҳаҭыраз имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ирылахәхарц.
Урыстәылазегьтәи аӡбаҩцәа реизараҟны аӡбаҩцәа реилазаара аӡбаратә система ахәшьара арҭоит, аҿиаразы иҟаҵатәу иалацәажәоит.