Аԥсны

Бжьаниеи Минниханови Гагреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҟны аобиектқәа ирҭааит

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханов ҽнактәи иофициалтәым ныҟәарыла Аԥсны даҭааит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4– Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханови Гагреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҟны аинвесторцәа адзыԥхьалар зылшо аобиектқәа ирҭааит.
Атәыла ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, Минниханов Аԥсныҟа иаара иахықәкуп-аекономикеи атуризми русхкқәа рҟны аимадарақәа рырӷәӷәара.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы Ҭаҭарсҭан Ареспублика ҳтәыла хәы змаӡам ацхыраара анаҭеит. Усҟантәи аамҭазы ҳтәылақәа рнапхгаҩцәа Владислав Арӡынбеи Минтимером Шаимиеви ирыбжьаз аиҩызара иахьагьы иацаҳҵоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Русҭам Минниханов иазгәеиҭеит, ҳтәылақәа руааԥсыра Аԥсни Урыстәылеи рзы имариамыз 90-тәи ашықәсқәа раан ишеизааигәаз.
Аԥсны
Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада иофициалтәым ныҟәарыла Аԥсны даҭааит
"Ӷәӷәала иаҳҭахәуп ара ҳаҟазаарц, иара убас ҳреспублика ала аԥсуа бизнес Урыстәыла иҟазарц. Иахьа акырӡа аобиект ҳаҭааит, егьа ҳбеит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи игәҭакқәа саҳаит, урҭ узыргәырӷьаша роуп. Агәыӷра сымоуп, хара имгакәа, Аԥсны еиҳагьы ишеиҿкаахо", - иҳәеит Минниханов.
Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны аҿиара ииашаны ишазнеитәу, атәыла иамазарц шакәу атуристтә сахьа.
"Сколлегацәа ирабжьазгеит ҳара иҳамоу аԥышәа иахәаԥшырц. Ҳаргьы, жәларбжьаратәи аԥышәа ҳхы иархәаны мҽхакы ҭбаала ауаажәларра ахьеизо аҭыԥқәа реиҭарҿыцра ҳаҿуп. Уи аҟнытә аԥышәеимадара ҳазыхиоуп ", - иҳәеит Русҭам Минниханов.