АҞӘА, ԥхынҷкәын – Sputnik. Аԥсны Акультура аминистрра иатәу Аҳәынҭқарратә комиссиа иалырхуеит "Ашықәс иреиӷьу аусумҭа" аицлабраҟны аиааира згаз.
Аусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны Аҟәа ԥхынҷкәын 6-13 рзы.
Сынтәа аекспозициаҿы ицәыргоуп аҿыханҵа, аграфика, аскульптура, аҩычага-напкымҭатә ҟазара.
2021 шықәса рзы иреиӷьыз асахьа ҳәа иалыркааит асахьаҭыхыҩ Виссарион Ҵәыџьба иусумҭа "Анатиурморт".