Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Аҩӡԥҳа аҿар ақыҭа агәыбылра дыркра иазкны

Sputnik
Мықә ақыҭан инхо Еҭери Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭаҿы анхара илзацу агәыбылра атәы, лдыррақәеи лыԥсҭазаареи зегьы лыхшара рацәа рааӡара ишазылкыз, насгьы аҭаацәа ду аҿы ақыҭа аус шеихыршо, ахәыҷқәа ақыҭаҿы анхара абзиабара шыдлыркуаз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.