АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Урыстәыла Мраҭашәара иаланагалаз анефҭ ахәԥса "аҩаӡара" аԥкразы аҭак ҟанаҵоит иҳәеит.
"Аӡбамҭа азырхиара ҳаҿуп. Аха усгьы идыру акоуп – изакәызаалак ахәԥса аҩаӡаразы ԥкырак ҳақәшаҳаҭхом", - ҳәа реиҳәеит Песков ажурналистцәа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Мраҭашәара "аҩаӡарақәа" рышьҭахь урыстәылатәи анефҭ ахәԥсақәа рҽырыԥсахуеит, ари ашьаҿа адунеитә енергетикатә џьармыкьақәа рышьақәҟьароуп иаанаго ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Мраҭашәара алагаламҭа Урыстәыла арратә операциа ҷыда амҩаԥгара ианыԥшуам, атәыла аекономика иара аҭахрақәа рынагӡаразы алшарақәа амоуп.
Традициаҳасабла Урыстәыла Европаҟа анефҭ назышьҭуа тәыла хадан. 20% Европа аҭаххарақәа ханарҭәаауан. Аха аоперациа ҷыда аҭакс Мраҭашәара атәылақәа асанкциақәа аларгалеит анефҭ аекспорт аҟынтәи Москва афеида дырмаҷразы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, аӡбареи иҟалар зылшо аембаргои ахҳәаа рыҭо, иҳәеит Урыстәыла анефҭ ахәԥсақәа "рыҩаӡара аԥкра" шаднамкыло, анефҭ аҵхра ларҟәтәхаргьы. Иара иҳәеит асеиԥш аԥкрақәа аџьармыкьатә хархәагақәа ахрылагалароуп ҳәа ишшьатәу, Урыстәыла шазыхио аџьармыкьатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны аус рыцызур зҭаху ахархәаҩцәа аус рыцура.