Аԥсны

Путин Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азиуит

Абри адокумент кьыԥхьын азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин 2022-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аҳәынҭпрограмма анагӡаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азиуит.
"Абҵара 24 2014 шықәса рәы Шәача нап зҵаҩыз Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра (анаҩсан - Аиқәшаҳаҭра) анагӡаразы ирыбжьаҵан ганрацәала ареспублика аекономика ацхраареи уи атәылауаа рыԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхреи ирзырхоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа", - ҳәа ануп аилыркаагаҿы.
Аилыркаагатә шәҟәы авторцәа ражәақәа рыла, 2022 шықәса нанҳәа 4 рзы Москва Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рнапы аҵарҩит 2022-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аҳәынҭпрограмма анагӡаразы аиқәшаҳаҭра.
Аԥсны
Афедерациа ахеилак Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аиқәшаҳаҭра иазыразхеит
Аиқәшаҳаҭра иаку аунификациа зызуу ҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрахароуп, уи иҭышәыннартәалароуп аҳәынҭпрограмма анагӡаразы иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа афинанстә цхыраара рзоужьра азҵаарақәа, раԥхьа иргыланы аекономика аусхкқәа, акредитҭара асистема, ашәахтә напхгараҭаратә система "иара убасгьы аиқәшаҳаҭра иахылҿиаауа урыстәылатәи аган асоциалтә ныхрақәа аԥарарзоужьра (атәылахьчара, ашәарҭадара, азинмчра аиҿкаара аусхкқәа рзы ахыдҵақәа аламҵакәа)", ҳәа ануп аилыркаагаҿы.