АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра рҟынтәи ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи робластқәа рахь агуманитартә еидара аиҿкаараз амандаринақәа ахьеизырго аҭыԥқәа аусура иалагоит Аԥсны араионқәа зегьы рҿы ԥхынҷкәын 8 инаркны асааҭ 10:00 - 18:00 рзы.
Аҟәа араион, Гәымсҭа ақыҭа – ИАЕ "Аԥсныҭаҭын",
Очамчыра – ақалақь ахадара ахыбра аҿаԥхьа,
Гәдоуҭа – автостанциа,
Гал – Акультура Аҩны ахыбра аҿаԥхьа,
Гагра - асовхоз Аӡаԥшь.
Ацитрусқәа реизгарҭақәа аусура иалагоит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала.