Аԥсны

Ашықәс ҿыц азы Урыстәыла арегион ҿыцқәа рахь агуманитартә еидарақәа дәықәҵахоит

Хара имгакәа амандаринақәа рыла иҭәу афурақәа Аԥснынтәи Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәеи Херсонтәии Запорожиатәии аобластқәа рахь амҩа иқәлоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik. Аԥснынтәи Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәеи Херсонтәии Запорожиатәии аобластқәеи рахь аныҳәамшқәа рзы агуманитартә ҳамҭақәа нашьҭхоит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниеи абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәеи агуманитартә цхыраара азырхиара иалацәажәеит.
Иара убасгьы иҳәеит Аԥсны ауааԥсыра жәпаҩык шазыхиоу Аԥснынтәи Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәеи Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәеи рҟны инхо ахәыҷқәа рзы аҳамҭақәа реизгара.
"Хара имгакәа Ашықәс ҿыц ааиуеит. Ирацәаҩуп ари аамҭа амандарина агьамеи афҩи ахызкаауа. Аныҳәа еиҳаракгьы аҵакы амоуп иуадаҩу аамҭақәа ирҭагылоу ахәыҷқәа рзы. Шәареи ҳареи урҭ рзы аныҳәа аԥҵара ҳуалԥшьоуп", - иҳәеит атәыла ахада.
Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа инапы ианҵоуп ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿы амандарина аизгарҭатә ҭыԥқәа реиҿкаара. Ақалақьқәа рышҭа хадақәа рҿы еиҿыркаауа арҭ аҭыԥқәа рахь изҭаху зегьы рҽаҩра ахәҭак наргар рылшоит.
Аԥсны
Донбасс иҟоу аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа 17 тонна агуманитартә цхыраара рзынашьҭуп