Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи Реиҳабырабжьаратә комиссиа азеижәтәи аилатәара аԥкаанҵа нап аҵаҩуп

Аԥыза-министр Александр Анқәаб зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Москваҟа амҩа иқәлеит Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара иалахәхарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицураз Аиҳабырабжьаратә комиссиа азеижәтәи аилатәара аԥкаанҵа нап аҵаҩуп Москва, ԥхынҷкәын 6 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Адокумент рнапы аҵарҩит Урыстәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби.
Апандемиа иахҟьаны жәаатәи апленартә еилатәара 2019 шықәсазоуп ианымҩаԥгаз. Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицураз Аиҳабырабжьаратә комиссиа аусура шцац ицон, ацхантәаҩцәа рыӡбрақәа латәарада рнапаҵаҩра мҩаԥысуан.