Ԥхынҷкәын 1 инаркны 20-нӡа афонд "Ашана" имҩаԥнагоит акциа хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рзы. Ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 50-ҩык иреиҳауп, 11-12 шықәса рхыҵуеит, Аҵаа Бабаду дшыҟоу харҵоит ҳәа азгәалҭеит Мархолиаԥҳа арадиоефир аҿы.
"Есыҽны ахәыҷқәа иаарышьҭуеит авидеонҵамҭақәа, асалам шәыҟәқәа, урҭ асоциалтә даҟьақәа рҿы иаҳкьыԥхьуеит. Ахәыҷқәа ззуҳәо еиуеиԥшым, аӡӷабцәа еиҳарак акьанџьақәа рҭахуп, аҷкәынцәа ракәзар, амашьынақәа, аспорттә маҭәарқәа. Ахәыҷқәа аныҳәатә гәалаҟазаара рзаԥҵара, ргәы ашьҭыхроуп ҳара иаҳуалу. Урҭ ахәыҷқәа ашықәс иалагӡаны ирыҭан амедицианатә цхыраара. Иара убри акциа алагьы афонд аусура хнаркәшоит", - лҳәеит аиҿцәажәараҿы Мархолиаԥҳа.
Анҵамҭақәа анҭаҳгалалак ашьҭахь ауаа иаразнак иақәҿырҭуеит, "Сара с-Ҵаа Бабадухарц" сҭахуп ҳәа ианырҵоит, мамзаргьы аҭел иаҳзасуеит ҳәа азгәалҭеит "Ашана" ахаҭарнак. Лара лажәақәа рыла, иара акциа ахаҭа хацыркхаанӡагьы ауаа аҭел асра иалагахьан.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.