Аԥсны

Витали Џьениа искульптура 2022 шықәсазы иреиӷьу рҿиамҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп

2001 шықәса раахыс имҩаԥырго ацәыргақәҵа "Ашықәс иреиӷьу аусумҭа" сынтәатәи ашықәс аихшьалақәа ҟарҵеит ԥхынҷкәын 6 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Асахьаҭыхыҩ Витали Џьениа искульптура "Ааԥын" 2022 шықәсазы иреиӷьу рҿиамҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, мышқәак рыҩнуҵҟа ҷыдала иаԥҵаз акомиссиа иреиӷьыз аусумҭақәа алыркааит. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Руслан Габлиа иусумҭа "Ахьтәы ԥшшәеилазаара", ахԥатәи –Виссарион Ҵәыџьба иусумҭа "Мықә, 1918 шықәсазтәи аԥсуа-қырҭуа еибашьра".
Аԥсны иҟоу Россотрдуничество ахаҭарнакра ахьӡала аҳаҭыртә шәҟәы ланашьан Лиудмила Будиак "Аҩычага-хархәаратә ҟазара арҿиараз акыршықәсатәи алшарақәа рзы". Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит асахьаҭыхыҩ Аԥсни Урыстәылеи рҟны анышәаԥшьӡытә ҟазара арҿиараҿ ллагаламҭа шшьардоу.
"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ауаҩы ари аҟазара изалоу аџьабаа. Сгәы иаанагоит акультурақәа ҩба реимадараҿы игылоу, иакымкәа иҩбамкәа аҵара змоу русумҭақәа рҿы еиҳагьы ишеиӷьхо", - иҳәеит иара.
Лиудмила Будиак лусумҭақәа
Витали Џьениа иажәақәа рыла, сынтәатәи аҳасабырбатә цәыргақәҵаҿ Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иалахәылоу мацара русумҭақәа шӡыргаз.
"Сгәыӷуеит, еиҵагыло абиԥарақәа ари еилыркаап, Аидгыла алаларагьы еиҳа ирҭаххо иҟалап ҳәа. Асахьаҭыхыҩцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит русурақәа рҿы ақәҿиарақәа", - иҳәеит иара.
1 / 6

Аԥхьахә "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" иазку ацәыргақәҵа.

2 / 6

Аԥхьахә "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" иазку ацәыргақәҵа.

3 / 6

Аԥхьахә "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" иазку ацәыргақәҵа.

4 / 6

Аԥхьахә "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" иазку ацәыргақәҵа.

5 / 6

Аԥхьахә "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" иазку ацәыргақәҵа.

6 / 6

Аԥхьахә "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" иазку ацәыргақәҵа.

Аҳасабырбатә цәыргақәҵа " 2022 шықәсазы иреиӷьу аусумҭа" ԥхынҷкәын 13 рҟынӡа иаартуп.
Аԥсны
Акультура аминистрра иалнахуеит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа 2022 шықәсазы иреиӷьу русумҭақәа