Аԥсны

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Џьемал Гәбаз имаҵзураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

Џьемал Гәбаз аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабыс дыҟан 2020 шықәса лаҵарамзаахыс.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵеиҩит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Џьемал Гәбаз имаҵзураҟынтәи ихы иақәиҭтәраз. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭеилакы аиҳабы инапынҵақәа аамҭала иналыгӡалоит ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуԥҳа.