Аԥсны

Ашықәс аихшьалақәа рыла Урыстәылантәи Аԥсныҟа атуристцәа 30% рыла еиҳаны иааит

Аԥсны ашықәс аамҭақәа зегьы раан зҭаара ауа хырхарҭахар ҟалоит асанаториа-курорттә ҭагылазаашьа ала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Ашықәс аихшьалақәа рыла Урыстәылантәи Аԥсныҟа атуристцәа рааира 30% рыла иазҳаит иҳәеит аурыс-аԥсуа усутә форум аҟны ассоциациа "Турпомощь" адиректор Александр Осауленко.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны иҵегь еиҳаны иаҭаар алшон, абжьаратә чек иазымҳазҭгьы:
2020 шықәсазы - 30 000 мааҭ,
2021 шықәсазы - 41 000 мааҭ,
2022 шықәсазы - 59 000 мааҭ.
Осауленко иҳәеит Аԥсны аҿиара зылшо алшамҭақәа шамоу.

Аԥсны алшықәсак аԥсшьаҩцәа зҭаауа хырхарҭахар ҟалоит асанаториа-курорттә ҭагылазаашьа иабзоураны. Иара иҳәеит урыстәылатәи атуроператорцәа шазхиоу ари ахырхарҭа арҿиареи аинфраструктура адгылареи, аха уи азы аинвесторцәа хьчазароуп.

Аексперт игәаанагарала, асасааирҭақәа реихшара ахәҭоуп, атурис дахьцои маҵзурақәас иоуеи еиликааларц азы.
"Аҵыхәтәантәи 30 шықәса урыстәылатәи атурист активла дныҟәон. Ииҭаху идыруеит. Убри азы заанаҵы иирдыртәуп дахьцо зеиԥшроу, маҵзурас идгалахо. Аԥсны макьаназ асасааирҭақәа рыхьӡқәеи урҭ рыхцәажәарақәеи роуп иудырырц иалшо аинтернет аҿы", - иҳәеит иара.