Аԥсны

Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII аизара ду аҟны дықәгылеит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII аизара ду аатит Аҟәа ԥхынҷкәын 7 рзы.
Sputnik
Аизара ду аартраан дықәгылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Иара игәалаиршәеит актәи аизара ду анымҩаԥысуаз иҟаз аамҭа уадаҩқәа.
Иҳәеит аибашьра ашьҭахь аконгресс аусура еиҳагьы аҽшарҭбааз, аԥсуеи абазеи жәларқәа еидызкыло еиҿкааран ишыҟалаз.
"Иҳәатәуп аконгресс асеиԥш аҟалара алзыршаз иара ахыҵхырҭаҿ игылаз ауаа шракәу", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь иҳәеит VIII аизара ду аконгресс аиубилеитә шықәсаз ишымҩаԥысуа. Иазгәеиҭеит иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьа уадаҩ иаҿмырԥшкәа аиҿкаара аусурақәа шымҩаԥнаго.