Росавиациа Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит

Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа аларгалеит Украина аоперациа ҷыда ианалага, жәабран 24 рынахыс.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп ԥхынҷкәын 15-нӡа. Абри атәы аанацҳауеит Росавиациа.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥны еиԥш аус шыруц ируеит. Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва рҳаирбаӷәазақәа.
Жәабран 24 рзы аҳаирбаӷәазақәа шәарҭоуп ҳәа ишьаны Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы аԥкрақәа аланагалеит. Уиижьҭеи изныкымкәа иаларгалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацырҵахьеит.