Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза конгресс аихшьаалатә еизара ду хацыркуп Аҟәа. Арҭ амшқәа рзы аҳҭнықалақь аҿы аконгресс иадҳәалоу еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп. Имҩаԥысхьоу ахҭысқәеи, иарбоуи ртәы дырзааҭгылоит Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцуразы аспециалист Херсон Шәманиа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII аизара ду аатит Аҟәа ԥхынҷкәын 7 рзы. Раԥхьатәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абазатә конгресс аизара ду мҩаԥысит 1992 шықәсазы Лыхны ақыҭан. Аконгресс ахь иааԥхьаз 140-ҩык аделегатцәа рҟынтәи аартра иалахәын 125-ҩык, Аԥсны еиԥш Ҭырқәтәыла, Германиа, Франциа, Голландиа, Ҟабарда, Адыгеиа, Шапԥсыӷтәыла, Абазашҭа рҟынтә.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.