АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵала Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа хәҭа-хәҭала аиҭакрақәа алагалахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иҟоу Амедиацентр.
Аусутә онлаин-еилацәажәараҿы аминистр Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны амилаҭтә интересқәа ирыҵагыло, хра змоу институтны иҟалар шакәу.
"Ацҳаражәҳәарҭа ирласныи хаҭабзиаралеи ҳџьынџьуаа еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахь ала рырзаҳалқәеи, рзыҳәақәеи, рҭаххарақәеи ирызхьаԥшлароуп. Ацҳаражәҳәарҭаҿы иҟазароуп аԥхьаҿиара алҵшәа иазырхоу", - ҳәа иҳәеит иара.
Иазгәаҭоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аттестациатә комиссиа Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәа русура хра змоу ахәшьара аиура иазырханы аусура ишалагаз.
Аилацәажәараҿы иалацәажәан Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәеи аҳәаанырцәтәылақәа рыцҳаражәҳәарҭақәеи реинырра аҭышәныртәалара асистема аларҵәара азҵаара.