Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуаа ргыларҭа ҭыԥ ааха аҭоуп

Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 341 ҳаирплан, 180 вертолиот, 2 638 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 392 азенит-ракетатә комплекс, 7020 танки акәылӡымашьынеи, 913 реактивтә системеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Урыстәылатәи авиациа, аракетатә ари артиллериеи Харковтәи аобласт аҿы қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуаа ргыларҭа ҭыԥ ааха арҭеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи 183 раион рыҟны 79 артиллериатә ҟәша ирылахысит, ари аибашьыга техникеи аԥхасҭа рырҭеит.
"Харковтәи аобласт аиланхарҭа Боровское аҿы ааха аҭоуп қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуаа ргыларҭа ҭыԥ", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит урыстәылатәи авиациеи, аракетатә ари артиллериеи Харковтәи аобласти ДЖәР-и рҿы ЕАА иҭыжьу арадиолокациатә станциақәа AN/TPQ-50 ҩба ааха рырҭеит ҳәа.