АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭдрамтеатр аҟны имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII аизара ду ахыркәшаратә усмҩаԥгатә.
Аизараҟны иҟаҵан хәышықәсатәи русура аихшьала, далхын ахантәаҩы, иара убас иреиҳау ахеилак алахәылацәа.
Иара убас, аизара ду аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилаки русеицуразы аԥкаанҵа анапаҵаҩын. Аилак анапхгаҩы Вадим Ҳаразиа иазгәеиҭеит адемографиатә политикеи арепатриантцәа рымадареи аус аҟны азеиԥш хықәкқәа еиҳа лҵшәа бзиала реицынагӡаразы ихымԥадатәиу шьаҿаны ишыҟоу.
Иара убас анапаҵаҩын Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациеи аконгресси русеицуразы ахарҭәаагатә ԥкаанҵа. Афедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рыхьӡала Егзакь иҭабуп ҳәа иеиҳәеит имҩаԥгаз аусурази Арепатриациазы Аҳәынҭхеилаки дареи русеицуразы.
АААК VIII аизара ду иублеитәуп, сынтәа ауаажәларратә еиҿкаара 30 шықәса ахыҵуеит. Аконгресс аусура ахықәкы хада - аԥсуааи абазақәеи иахьынхозаалак реидкылареи ажәлар ирзеиӷьу аусмҩаԥгатәқәа рылархәреи.