АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба АААК VIII аизара ду аҟны 2018 шықәса инаркны 2022-нӡа аконгресс аусура аҳасабрба ҟаиҵеит.
Хәы-шықәса иалагӡаны аконгресс аусбарҭақәа зегьы шьақәыргылоуп, имҩаԥган аилатәарақәа жәаба, 2500-ҩык инреиҳаны аконгресс иалаҵоуп, иҟаҵоуп аконгресс алахәылацәа еидызкыло ашәҟәынҵа.
Уи адагьы, ари аамҭа иалагӡаны Аԥсны мацара акәымкәан Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Шьамтәыла, Египет, Аџьариа еиҿкаауп арегионалтә усбарҭақәа. Аԥсны аҩнуҵаҟа 54 аҭыԥантәи аконгресс аҟәшақәа аартын, Ҭырқәтәыла - жәаба.
Иара убас АААК ахатәы аинформациатә портал амоуп, аус ауеит ф-бызшәак рыла.
Хәы-шықәса рыла Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 107 проект нанагӡеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.
Аизара ду аҳәаақәа ирҭагӡаны иааиуа ахәышықәса Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс еицҿакны деиҭалхын Мусса Егзакь.
Иара убас, Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа Аԥсны аганахь ала иалхуп Виачеслав Чрыкба, Нури Кәарҷиа, Џьамбул Инџьгиа, Вадим Ҳаразиа, Марина Барцыцԥҳа, Арда Ашәба.
Раԥхьатәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аизара ду мҩаԥысит 1992 шықәсазы Лыхны ақыҭан. Аконгресс ахь иааԥхьаз 140-ҩык аделегатцәа рҟынтәи аартра иалахәын 125-ҩык, Аԥсны еиԥш Ҭырқәтәыла, Германиа, Франциа, Голландиа, Ҟабарда, Адыгеиа, Шапԥсыӷтәыла, Абазашҭа рҟынтә.