Аԥсны

Аԥсны Аҵәахбанк урыстәылатәи атәанчахәы аҭаразы ԥхынҷкәынмзатәи аихшанҵа шьақәнарӷәӷәеит

Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәы рызшәара иалагоит ԥхынҷкәын 16 инаркны. Атәанчахәқәа рырҭоит Аԥсны Аҵәахбанк аҟәшақәа зегьы рҟны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк урыстәылатәи атәанчахәы аҭаразы ԥхынҷкәынмзатәи аихшанҵа шьақәнарӷәӷәеит.
Атәанчахәы рыҭара иалагоит абҵара 16 инаркны.
1950 шықәсанӡа ииз актәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа атәанчахәы рыҭахоит ԥхынҷкәын16, 19, 20 рзы.
1951-1956 шықәсқәа рзы ииз атәанчаҩцәа атәанчахәы рыҭахоит ԥхынҷкәын 21, 22, 23 рзы.
Ԥхынҷкәын 26 инаркны атәанчахәы рызшахоит 1957 шықәсеи уи ашьҭахьи ииз атәанчаҩцәа.
Атәанчахәы рыҭахоит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҟны атәанчаҩцәа ашәҟәы иахьҭаҩуи иахьынхои иахьмырԥшкәа.
Аԥсны
Атәанчахәытә фонд аҟны ирҳәеит аибашьра аветеранцәеи ахамыхәацәеи ршәарақәа заҟа рыцҵахо