Даӷьсҭан адгьылҵысра ҟалеит

Адгьылҵысраҭҵааҩцәа иазгәарҭеит змагнитуда 5,6 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит ҳәа, москватәи аамҭала 9:42 сааҭ рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Даӷьсҭан змагнитуда 5,6 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит ашьыжь, ԥхынҷкәын 8 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Европа-Амшынбжьаратә адгьылҵысраҭҵааратә центр.
Адгьылҵысра ахыҵхырҭа ақыҭа Гуниб х-киломертак инацәыхараны, ареспублика аҳҭнықалақь Махачкалантә 80 километр набжьаны.
Иара убасгьы, адгьылҵысра рнырит Қырҭтәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан.