Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik иахьа 8 шықәса ахыҵит.
"Аԥсуа радио сшашьҭаз, аԥсышәала абжьы саҳаит. Иџьасшьеит, ари аҩыза арадио абантәиааи ҳәа. Ажәабжьқәа анынҵәа, арадио Sputnik аҳәеит. Убри аҟара сеигәыргьеит, саҟара исызҳаит. Убрижьҭеи, иахьа уажәраанӡагьы сазыӡырҩуеит", - иҳәеит аиҿцәажәараҿы Наҷҟьебиа.
Арадиозыӡырҩы еиҭеиҳәеит 10 шықәса анихыҵуаз аахыс арадио дшазҿлымҳау, ажурналистика афакультет дҭалар шиҭахыз, аха аԥсҭазаара даҽакала иҟалеит.
Рауль Наҷҟьебиа иҳәеит, арадио аҿы иаҳауа ажәабжьқәа анаҩс еиҭаганы игәылацәа, иҭынхацәа ишырзеиҭеиҳәо. Ахәшьара аиҭеит арадио Sputnik аусура, иҳәеит аинформациа анагараҿы акырӡа аҩаӡара шыҳараку.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.