Озкан Ҭарба далахәын Аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи аизара, Лыхнашҭа имҩаԥысуаз, игәалаиршәеит усҟан Аԥсныҟа иаара шыҟалаз.
"Апроблемақәа иҳамоу иаартны ҳрылацәажәароуп. Уи ада ԥсыхәа ыҟам. Иҳалшо ҟаҳҵоит, Аԥсны зегьы иҳаԥсадгьылуп. Ҳаауеит, ҳцоит. Ҳгәы былуеит", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҭарба.
Ҳџьынџьуаҩ иҳәеит аконгресс иахьатәи аусура аинтернет аҿы дшацклаԥшуа, аха убри аан иҳәеит аконгресси Ҭырқәтәылатәи адырнеқьқәа рхеилаки рҽеиҩшара игәы шинархьуа.
"Игәыхьны иҳамоуп ҳҽеиҩшаны ҳахьыҟоу. Мусса Егзакь аус бзиақәа ҟаиҵеит ари ахәышықәсаз. Ҳусқәа ԥхьаҟа имҩаԥызго аҿар роуп, уажәы иахьызбо аҿари аиҳабацәеи иалоуп аконгресс, уи саргәырӷьоит", - иҳәеит Ҭарба.
Иара далацәажәеит аконгресс иахьатәи аполитика, иҳәеит аҳәынҭқарра ашьаҭа арӷәӷәаразы иаҳа хшыҩзышьҭра зҭатәу ахырхарҭақәа ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.